Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаба кажьуп уахыки-ҽнаки рыла

Урыстәылатәи арбџьармчқәа аоперациа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ЛЖәР, ДЖәР, Запорожиеи Херсони аобластқәа рҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаба карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла ааха арҭеит амеханизациа зызуу УАМ 57-тәи абригада анапхгараҭарҭа, зхала иныҟәо азенит-ракетатә комплекс "Бук-М1", аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы авиациеи артиллериеи рыла ааха рыҭан амеханизациа зызуу УАМ 14-тәи абригада, 103-тәи аҵакырахьчаратә бригада. Иҭархоуп 40-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьына, автомобиль.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ 80-тәии 95-тәии адесант-жәыларатә бригадақәа ааха рыҭан, иҭархан 30-ҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хәба, артиллеритә система М-777, арадиолокациатә станциақәа AN/ТPQ-37 (ЕАА) ҩба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы – УАМ 25-тәи адесант-жәыларатә бригада ааха аҭан, 50-ҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа ҭархан. Иҭархан акәылӡмашьына, апикапқәа ҩба, РСЗО "Град", агаубица "Мста-Б".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы Краснополие ахы иақәиҭыртәит
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы – 108-тәи аҵакырахьчаратә бригада иатәу 25-ҩык аибашьцәа ҭархан, иара убасгьы зхала иныҟәо агаубица "Акация", агаубицқәа Д-20, Д-30, автомобилқәа хԥа. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп арадиолокациатә станциа AN/ТPQ-50 (ЕАА).