Примаков: ЕАА иҟоу аҭагылазаашьа ақьар алызхуа ҳәынҭқарроуп

Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков Европа Урыстәыла аганахь ала иара ишаԥырхагоугьы асанкциақәа заланагало атәы иҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. ЕАА иҟоу аҭагылазаашьа ақьар алызхуа ҳәынҭқарроуп ҳәа иҳәеит апроект "Многополярность" аинтервиу азҭаз Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков.
"Урыстәыла аганахь ала Европа ахымҩаԥгашьа – политикатә ҽшьроуп. Убри аан ари аполитика ззыфеидоу Вашингтон ауп", - иҳәеит Примаков.
Иара иажәақәа рыла, америкаа европатәи ааглыхратә наплак дуқәа дара рахь иадрыԥхьалоит, рҽазыршәоит европатәи аџьармыкьахь рресурсқәа рнагараз амҩа ҿыцқәа рыԥшаара.
"Ҳәарада ЕАА иҟоу аҭагылазаашьа зегь раасҭа зхы иазырхәо тәылоуп. Европа – ишьны еимҿырхуа ажә еиԥшуп. Европа амчрақәеи ауааԥсыреи ринтересқәа зынӡа еиқәшәаӡом", - ҳәа иҳәеит иара.
Евроеидгылаҿ имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи азҵаараҭҵаарақәа рыла европаа риеҳараҩык Украина аҭынчра ыҟазароуп ҳәа иршьоит, Урыстәыла асанкциақәа ахыхны аекономикатә еибашьра аанкылатәны иахәаԥшуеит иҳәоит Примаков.
Аха аполитикцәа ирҭаху акоуп, ауааԥсыра риеҳарак ирҭаху аҽакоуп ҳәа ишьоит иара.