Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин ишьақәирӷәӷәеит, аоперациа ҷыда Урыстәылеи ауааԥсыреи рыхьчара хықәкыс ишамоу

Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәеит, аоперациа ҷыда хықәкыс ишамоу ауааԥсыра рыхьчареи Урыстәылеи иҟоу ашәарҭарақәа рырцәыхьчареи роуп ҳәа.
"Ахықәкы – изныкымкәа ишысҳәахьоу аиԥш раԥхьа иргыланы ауаа рыхьчареи ҳҭоурых ҵакырақәа иртәу аҭыԥқәа рҿы иаԥырҵо ашәарҭарақәа рҟынтә Урыстәыла ахьчареи роуп. Уи ҳзалыршом", - иҳәеит иара астудентцәа данрыҿцәажәоз.
Урыстәылатәи астудентцәа Рымш азы атәыла ахада даҭааит МАУ Аинновациатә ҭҵаарадырра-технологиатә центр "Воробьевы горы" акластер "Ломоносов" астудентцәа рԥыларазы.