Аԥсны

Тҟәарчал араион инхо ауаҩы даанкылоуп аԥара ԥаршеиқәа рыҭиразы

Ацәгьоуҩы данааныркылоз идбалан 315 нызқь мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Тҟәарчал араион инхо Ника Басариа аԥара ԥаршеиқәа рыҭиразы даанкылоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ииасыз ашықәс, нанҳәамзазы Басариа Адлер, аҵәахҭыԥ ахархәарала 5-5 нызқь иҟаз 65 ԥаршеи купиура ааихәеит. Зынӡа 325 тнызқьмааҭ.
Ҩ-банкнотак рыҭира дахьӡахьан Аԥсны аҵакыраҿ данааныркылоз.
Ашьаус аусӡбарҭахь инашьҭуп. Басариа 7-12 шықәса аҭакреи 500 нызқьмааҭ ахараԥсеи иқәҵахар ҟалоит.