Аԥсны

Анқәаб Аҟәа амитинг иалахәыз рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Ахәыҷырацәа змоуи зылшарақәа ԥкуи аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа рынхарҭатә проблемақәа рыӡбаразы ажьырныҳәа 20 рзы еизеит, Аҟәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26- Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аҟәа амитинг иалахәыз рхаҭарнакцәа дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥыза -министр анхарҭатә проблема ӡбашьас иаманы иибо атәы иҳәеит.
Анқәаб иажәақәа рыла, Аԥсны Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра имҩаԥнаго аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2023-2025" ашҟа актәи агәыԥ иаҵанакуа ахамыхәацәа, иизар аахыс ихымхәо, ҭаацәа змам, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа, ахшарарацәа змоу рҟынтәи ишынашьҭу 413 рзаҳал.
Аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа ирҳәеит ишазыхио Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿы анхарагьы.
Жәлар реизараҟны иаԥҵоу асоциалтә политикеи, аџьеи, адемографиеи, аибашьра ахамыхәацәеи аветеранцәеи русқәа рзы аилак анхарҭа ҭыԥ зҭахны иҟоу аҭаацәарақәа хаҭа-хаҭала рызҵаара шҭырҵаауа атәы рҳәеит.