Арадио

Қәираиа: абызшәа ацәымӷра зышьҭаҳхыз, чмазарас иамоу ахәшьара ҳзамҭац иахьа уажәраанӡагьы

Аиҿкаара "Ахеиқәырхара" аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа атемала ауаажәларра алархәны аиԥылара мҩаԥнагеит. Ауаажәларратә палата алахәыла Едик Қәираиа арадио Sputnik аефир аҿы аизараҟны излацәажәази абызшәа ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа изиԥхьаӡои ртәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Едик Қәираиа аиҿцәажәараҿы дазааҭгылеит ажәлар рыԥсҭазаараҿы абызшәа ҵакыс иамоу, уи аныҟамла ақәӡаара рԥеиԥшуп ҳәа иҳәеит. Ауаажәларратә палата алахәыла иажәақәа рыла, абызшәала зегь ицәажәартә еиԥш иҟаҵатәуп, уи шибо атәы далацәажәеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.