Аԥсны

Озган: Урыстәыла альготтә кредитқәа аиуразы Аԥсны иацхраауеит

Урыстәылатәи абанкқәа аԥсуа наплакыҩцәа альготтә кредитқәа рыҭараз апрограмма мҩаԥысуеит 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Урыстәылатәи абанкқәа аԥсуа наплакыҩцәа альготтә кредитқәа рыҭараз Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵалоит, абри атәы лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ахада иҟны аилацәажәараҿ.

Лара лажәақәа рыла, ишьақәдырӷәӷәахьеит апрограмма анагӡара аԥҟарақәа, ажәалагалақәа реиқәыршәара иаҿуп.

Урыстәыла аекономикатә ҿиарахь инарышьҭхьо апроектқәагьы ыҟоуп, аха макьаназ хҳәаа рымам лҳәеит Озган.
Апрограмма актәи аетап аԥшьган 2015 шықәсазы Аекономика аминистрраҿы Москва аинвистициатә маҵзура алархәны. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи абанкқәа хԥа аԥснытәи анаплакыҩцәа ирырҭеит акредитқәа 10%-тәи альготатә зыԥҵәала.
Аицлабра иалахәын ҩынҩажәа рҟынӡа аинвестициатә проект. Акредитқәа рзоужьын быжь-проектк. Иоушьҭыз акредит амҽхак миллиардки 200 миллион мааҭ инаӡон.