Аԥсны

Примаков еиҭеиҳәеит Аԥсни Россотрудничествеи реизыҟазаашьа аизҳара атәы

Ииасыз ашықәс рашәарамзазы инапынҵақәа рынагӡара далагеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Михаил Федотов.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра -аиҳабыреи, аҵарауааи, ацџьынџьуааи рыбжьара аинырра бзиа ыҟоуп, абри атәы иҳәеит амаҵзура анапхгаҩы Евгени Примаков апроект "Многополярность" аинтервиу аҭо.
Еиуеиԥшым аҭыԥқәа, ашколқәа, ауниверситетқәа, иеиҳабыратәым асекторқәа рҿы активла аусурақәа мҩаԥысуеит.
"Ҳара, ҳәарада, Аԥсны назлоу, Аахыҵ Кавказ арегион аҿы аҭынчра ыҟазарц ҳҭахәуп, арҭ атәылақәа рҟны аҭынчра ыҟазарц, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҿиаларц", - иҳәеит Примаков.
Россотрудничество ахада амаҵзура аусураҿ аԥыжәара змоу далацәажәеит