Урыстәылатәи аруаа Покровскынтәи Угледарҟа уназго амҩа ааныркылеит

Уажәазы Угледар еиҟәыҭхо украинатәи арратә хәҭақәа алоуп, урҭ реимадара еиԥҟьоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Покровскынтәи Угледарҟа уназго амҩа ааныркылеит, ақалақь уахьалало апозициа ҿыцқәа ныркылоит, абри атәы иҳәеит ДЖәР ахада аамҭала ин.н. Иан Гагин.
"Уажәазы Покровскынтәи Угледарҟа уназго амҩа анапахьы иаагоуп", - иҳәеит Гагин ателеканал "Россия 1" аефир аҿы.
Иара иажәақәа рыла. Урыстәылатәи аруаа ақалақь уахьалало апозициа ҿыцқәа ныркылоит.
Уаанӡа, ДЖәР ахада и.а.и. иабыжьгаҩ Игор Кимаковски иҳәахьан ар Угледар иалаланы ақалақь акалҭ аҿы рыҽдырӷәӷәоит ҳәа.