Аԥсны

Абџьари анаркотикқәеи имхуп Бзыԥҭа аҳабла ауаҩԥсы

Иаанкыло абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаареи, рымҩангареи, рныҟәгареи, иара убасгьы аҭира хықәкыс иҟамҵакәа анаркотикқәа раахәареи рымазаареи мҩаԥигон ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27- Sputnik. Гагра араион Бзыԥҭа аҳабла анхаҩы абџьари анаркотикқәеи имхуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Анаркотикатә маҭәашьар "каннабис" имхын 41-шықәса зхыҵуа Давид Гобиӡашьвили игәаҭараан. Имашьына агәаҭараан азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Калашников иавтомати (акалибр 5,45) 27 патрони рбеит.
Давид Гобиӡашьвили атәыла дшалымҵуазы анапынҵала доушьҭын, аусҭҵаара мҩаԥысуеит.