Аԥсны

Аԥсны аминистрцәа реилазаара аамҭала аԥырра ахьыҟамло аҵакырақәа рзы ақәҵара аднакылеит

Аԥкрақәа ирыҵанакуеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа - адронқәеи акоптерқәеи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳауатә ҵакыраҿы аамҭала аԥырра ахьыҟамло азонақәа рзы" ақәҵара аднакылеит. Адокумент кьыԥхьуп Аминистрцәа реилазаара асаит аҟны.
Ақәҵара рыдкылан арратәии атеррористтәии шәарҭарақәа рҽырцәыхьчаразы, амчрагьы амоуп Аԥсны аҳауатә ҵакыра ахархәара аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәаанӡа.
Рхыԥраара ҟалом административтә хыбрақәа, аҳәынҭдачақәа, адипломатиатәии аконсултәи усбарҭақәа.
Уи адагьы, рҳауатә ҵакыра ахыԥраара азин ыҟам арратәии атәылахьчаратәи ҟазшьа змоу ахыбрақәа, Аԥсуа телехәаԥшра. "Аԥснеимадара" аҳар, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза рҵакырақәа.