Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Валери Џьота- иԥа Амаршьан иахьа 80 шықәса ихыҵит. Иара изанааҭ ала аусура далагеит иҳаҩсыз ашәышықәса хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Иԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп агазеҭқәа "Аԥсны Ҟаԥшь", анаҩс "Аԥсны" аредакциақәа русура.
Валери Амаршьан акыр шықәса инаигӡон аредактор хада инапынҵақәа, иахьа аус иуеит агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҟны аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩс.
Валери Џьота- иԥа Амаршьан аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист", аорден "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара.
"Аиашазы 80 схыҵит ҳәа сызҳәом. Уахәаԥшуазар, уи даара иқәра дууп. Иахьа сгәабзиарагьы хар сымам, аусурагьы сныҟәоит, 57 шықәса аус ахьызухьоу ҳгазеҭ иахьа "Аԥсны" захьӡу сгәыбылра адуп", - иҳәеит Амаршьан арадио Sputnik аефир аҟны.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.