Аԥсны

Хҩык ауаа ааха роуит Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны

Амашәыр ҟалеит ҳәа АҶА ахь аҭел иасит ажьырныҳәа 27 асааҭ 06:25 азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион, Дранда ақыҭаҿы хҩык ауаа ааха роуит амҩатә машәыр аан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Автомашьына Hyundai Sonata Абжьыуаа рымҩаду 125-тәи акилометр аҿы ажра иҭаҳаит.
Амашәыр ҟалеит ажьырныҳәа 27 асааҭ 06:25 азы. Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа ааха зауз ауаа Агәыӡератәи агоспиталь ахь инаргеит.