Арадио

Аетнограф Шамԥҳа Аԥсны аӡахәааӡара атрадициазы: ҩаԥхьа аҿиара амоуп

Аԥсуаа жәытәнатә аахыс аҩыҟаҵара акультура шдырҿиоз, уи иацу атрадициақәа еиқәхаз, иахьанӡа изымааиз ртәы еиҭалҳәеит аетнограф, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа.
Sputnik
Аԥсуаа рыԥсҭазаараҟны аӡахәааӡара аҵак ду аман, рныҳәарақәа рҟны аҩы рхы иадырхәоит, аҩыҟаҵара атрадициа ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьа уажәраанӡа аиқәырхара рылшеит. Уи акыр азҿлымҳара зламоу ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа, аиԥыларақәа мҩаԥысуеит. Ас еиԥш ауснагӡатәқәа еиҿызкаауа иреиуоуп аилахәра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи". Убасгьы ажьырныҳәа 27 рзы еиҿкаан аҩыҟаҵара атрадициақәа ирызку алекциа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аӡахәааӡара ҿыц иҿиоит ҳәа азгәалҭеит аетнограф.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.