Агәыҳалалра-уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ашықәс хацнаркит апроект ҿыц ала. Иара уажәаԥхьа имҩаԥыргахьаз аусмҩаԥгатәқәа иреиԥшӡам. Ахшара рацәа змоуи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроуи аҭаацәарақәа ракәзар абжьааԥны аус здыруло, ари ауснагӡатә зызку аибашьраан иҭахаз афырхацәа рыҳәсақәа, аибашьра ашьҭахь зыԥсҭазаара зегьы зыхшара ирзызкыз анацәа роуп. Апроект мҩаԥысуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.
"Апроект иаҵанакуеит аибашьраан зыхшара ма зыԥшәма дҭахаз, 30 шықәса рыҩнуҵҟа џьаргьы ԥсшьара имцац, насгьы хаҵа уаҳа имцаз. Аԥхьатәи агәыԥ уажәы фҩык аҳәса аҵанакит", - иҳәеит Аргәын.
Сынтәа иалагӡаны даҽа ԥшь-гәыԥк анацәа, аҳәса аԥсшьара рзеиҿкаахар ҳҭахуп иҳәеит Кадыр Аргәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.