Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит амашәыр иахҟьаны хыҵакырҭада иаанхо цхыраарас ирырҭо атәы

Амашәыр иахҟьаны хыҵакырҭада иаанхо ауаа цхыраарас ирырҭо, ас еиԥш ахҭысқәа раан араион абиуџьет аҟынтәи дгыларак аҳасабала аԥара ирзоурыжьуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба иажәақәа рыла, арыцҳарақәа раан ауаа ацхыраара рзыҟарҵоит араион абиуџьет аҟынтә, убасгьы аҳәынҭқарра ахада ирезервтә фонд аҟынтә.
"Араион ахадара зныктәи ашәатәбӷьыц абанк аҟны иаадыртуеит арыцҳара иақәшәаз изы. Егьырахь, нас иахьа амҿымаҭәа иақәу жәдыруеит, иаҳдыруа ҳҩыза-ҳақәла ҳрыҳәаны, иаҳа хәмариала, ма излааргаз ахә ала ирҭарц ҟаҳҵоит. Абизнес знапы алаку аҷкәынцәа абас агәыразра аадырԥшлоит, иахьабалак иҳадгылоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.