Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистрра аснаиперцәа разыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽеизыкра мҩаԥган 2023 аҵаратә шықәсазтәи арратә ҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа иатәу арратә хәҭақәеи аиҟәшақәеи рштаттә снаиперцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ахысрадәы "Нагәалоу" аҟны, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра асаит.
Аҽызыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иадԥхьалан иҷыдоу ар ргәыԥ аҟазауаа.
Аиҳарак азхьаԥшра аҭан иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан аснаиперцәа рхысреи ртактикатәи ҽазыҟаҵарақәа аиӷьтәра.
Аԥсны
Атәылахьчара аминистрра 2023 шықәсазы имҩаԥыргаз арратә ҽазыҟаҵарақәа рылкаақәа ҟарҵеит