Аԥсны

Атәылахьчара аминистрра 2023 шықәсазы имҩаԥыргаз арратә ҽазыҟаҵарақәа рылкаақәа ҟарҵеит

Инарҭбаау аилатәара мҩаԥган Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко инапхгарала.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрра 2023 шықәса ажьырныҳәамзазы имҩаԥыргаз арратә ҽазыҟаҵарақәа рылкаақәа ҟарҵеит.
Азинлеишәазы ажәахә ҟаиҵеит арратә комендант, аԥшыхәра аҟәша аиҳабы- арра-политикатә ҭагылазаашьазы, арратәи аморал-психологиатә ҽазыҟаҵаразы аусбарҭа аиҳабы иҳәеит арратә ҽазыҟаҵареи арратә хәҭакәеи рҟны иҟоу аҭагылазаашьа, ажәахәқәа рыманы иқәгылеит Аԥсны арратә комиссари арратә хәҭақәа реиҳабацәеи.
Уи аԥхьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ахьчареи ашәарҭадареи алзыршо Арбџьармчқәа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵахьан.