Аԥсны

Гагратәи акикбоксиорцәа Ҟәбина аԥхьахәгареи ачемпионати рҿы аиааирақәа ргеит

Аицлабрақәа мҩаԥысуан Мостовскаиа астаницаҿ ажьырныҳәа 24-27 рзы, атурнир иалахәын 250-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа қәыԥшцәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Гагратәи аклуб "Чемпион" иалоу акикбоксиорцәа фҩык аиааирақәа ргеит Краснодартәи атәылаҿацә аԥхьахәгареи ачемпионати рҿы "фулл-контакт", "К-1" ахкқәа рҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
"Ҳара ҳаԥсадгьыл ахь ҳхынҳәит ахьтәы медалқәа хԥа, араӡни аџьази акака ҳаманы. Аиааира згақәаз Аладатәи афедералтә округ ачемпионат ахь инеит, уаҟа Урыстәыла ачемпионат ахь алԥшаарақәа ҟалоит", - иҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Нико Сааков.
Аиааира ргеит Григор Оганиан, Карен Кожемиакин, Валериа Дашьиан. Аҩбатәи аҭԥ игеит Кирилл Кожемиакин, ахԥатәи - Лев Усов.

Краснодартәи атәылаҿацә анапхгара аицлабрақәа рҿы иреиӷьыз ақәԥаҩ ҳәа иӡбахә рҳәеит Карен Кожемиакин - иара аиқәԥарақәа ԥшьба имҩаԥигаз зегь рҟны аиааира игеит.