Аԥсны

Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ иуахәама аадыртит Тамшь ақыҭан ареставрациа ашьҭахь

Тамшьтәи ауахәама еиҭашьақәыргылан ари ақыҭа иалҵыз, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала. Ареставрациа хышықәса иадхалеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Николаи Аџьашьахәҟаҵаҩ иуахәама аадыртит Тамшь ақыҭан ареставрациа ашьҭахь асабша ажьырныҳәа 28 рзы, абри атәы аанацҳауеит аинформмаҵзура "Аԥсныпресс".
Аԥсуа уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аԥлиаа), аԥсуа апапцәа ауахәама рԥшьеит, анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын ахада Аслан Бжьаниеи уи иԥшәма Аелита Ахьиԥҳаи. Атәыла ахада ауахәама Абиблиа ҳамҭас иеиҭеит.
“Шәышықәса инареиҳаны ари ауахәама аус ауӡомызт. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп уи ареставрациа иазааԥсаз зегьы", - иҳәеит атәыла ахада.
Тамшьтәи абжьарашәышықәсатәи ауахәама еиҭашьақәыргылан ари ақыҭа иалҵыз, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа ихарџь ала. Ареставрациа хышықәса иадхалеит.