Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Амҷба Арасаӡыхь ирыԥсҭазаашьоу иазкны

Арасаӡыхь инхо Рудик Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьа рқыҭа иаԥсҭазаашьоу, амчымхарақәа зыхҟьо ҳәа иибо, анхацәа рнапы злаку, хныҟәгагас ирымоу, рџьабаа бзабааны иахьынӡарԥыло атәы.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.