Аԥсны

2022 шықәсазы аԥарашәаратә система "АԤРА" атранзакциақәа 19% иацлеит

Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аҿы атранзакциақәа 4,9 миллиард мааҭ инаӡеит, ахсаалага "Мир" –3,8 миллиард ( 2,9 миллиард инаркны 6,7 миллиард рҟынӡа).
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аҿы 2022 шықәсазы атранзакциа 19% иацлеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Амилаҭтә банк апресс-маҵзура.
Ашықәс аҩнуҵҟа аоперациақәа реиҳарак ахсаалага АԤРА ала имҩаԥгоуп - 45% (30,2 миллиард мааҭ), жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа рыла (МПС) – 433%, аԥарашәаратә система "МИР" ала – 22%.
2022 шықәсазы Аԥсны абанктә хсаалагақәа рыла инапынҵадоу ахшәаарақәа рхышәаҵышәа 38% еиҳахеит, иагьышьақәнаргылеит 9,4 миллиард мааҭ.
МПС ахсаалагақәа рыла ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы аԥарашәара мҩаԥган 5,7 миллиард мааҭ рыхә, ахсаалага "МИР" ала - 3,1 миллиард мааҭ, ахсаалага АԤРА ала аԥарашәара мҩаԥган 43,3% (621,4) миллион мааҭ рыхә. Бжьаратәла абанк адыррақәа рыла ахсаалага "АԤРА" змоу 1,7 миллион мааҭ рыхә ахәаахәҭрақәа мҩаԥыргоит.
Аԥареиҭагаратә система "Contact" ала ахсаалагақәа АԤРА рахь 2022 шықәсазы ииаган 2,8% (29,8 миллион мааҭ). Аԥареиҭагаратә система "МИР" ала ахсаалагақәа АԤРА "World" рахь 2022 шықәсазы ииаган 143,4 миллион мааҭ. 2021 шықәсазы – 15 миллион мааҭ.