Аԥсны

Аԥсны ААР Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа атәыла алалара азин рырымҭеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа жәабран 8-9 рзы Аԥсны аофициалтә хаҿқәа ирԥылараны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа атәыла алалара азин рырымҭеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр.

Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит, жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд ахьахырԥахаз азоуп ас еиԥш аӡбарҭа зрыдыркылаз. Аӡбра рыдыркылеит Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәала.

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ас еиԥш изныкымкәа иҟалахьеит, ацхантәаҩцәа ганкла аӡбра рыдыркылоит, иарбанызаалак мзызк амырбакәан, аилацәажәаратә процесс алахәылацәа ирмазҵаакәан. 2022 шықәсазы иазыԥхьагәаҭаз ԥшь-еиԥыларак рҟынтәи имҩаԥысит акы заҵәык", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны ААР ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа иашьоит.