Аԥсны

Аԥсны АШәМ Аусӡбаратә нагӡаҩцәа русура гәарҭоит

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аӡбаратә нагӡаҩцәа русура гәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны АШәМ Аиустициа аминистрра иаҵанакуа аусӡбаратә нагӡаҩцәа русура гәарҭоит, абри атәы аанацҳауеит Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп агәаҭара шымҩаԥысуа "аӡбаратә уснагӡаҩцәа рганахь ала изакәаным аусқәа раԥырҟәҟәааразы, аоперативтә информациа аҳәаақәа ирҭагӡаны".
Агәаҭараан аминистрра анапхгара иахәҭоу ацхыраара ҟанаҵоит.