АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Акультура аминистрра ирыланаҳәеит Гьаргь Ӡиӡариа иаԥхьахә аиуразы аиндаҭлара.
Аиндаҭларахь анагаразы иаҭахуп:
атеориатә ҭҵаарақәа шьаҭас измоу афундаментал-ҭҵаарадырратә усумҭақәеи аҵараиурҭақәа рзы арҵагашәҟәқәеи;
2020-2022 шықәсқәа рзы икьыԥхьу аусумҭақәа;
аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рколлективқәа иқәдыргылаз.
Акомиссиа азыҳәақәа рыдыркылоит жәабран 1 инаркны лаҵара 1 аҟынӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы.
Ихымԥадатәиу адокументқәа реиқәыԥхьаӡа:
аԥхьахәиоуразы иқәгылоу и(л)автобиографиа;
и(л)усураҟынтә аҟазшьарбага;
икьыԥхьу и(л)усумҭақәа рсиа;
и(л)тәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа;
аԥхьахә азы ақәыргылара заԥшьгамҭоу аиҿкаара аколлегиалтә усбарҭа аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
ашәҟәы 5 екземплиарк;
иқәыргылоу аусумҭаз арецензиа;
ақәыргылара заԥшьгамҭоу аиҿкаараҟынтә амҩаԥгаратә шәҟәы.