Арадио

Какәыбаа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: ауаа агәра ргоит

Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәыбаа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, ақыҭанхамҩа арҿиаразы апрограмма аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдкылара аус шхыркәшахаз.
Sputnik
Араион аҟынтә шә-рзаҳалк ааргеит, дара зегьы ҳнарыхәаԥшны 86 қьаадла еиқәыршәаны ақыҭанхамҩа аминистрра ахь инагоуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит Какәыбаа.
"Урҭ рахьынтә иалукаартә иҟоуп амеханизациа маҷ аиуразы, ус еиԥш 28 ыҟоуп. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп ацитрус аиҭаҳара. 18 проект уи аганахьала. Акыршықәсатәи акультурақәа реиҭаҳаразы 13 проект. Ажь ааӡаразы ԥшь-проектк. Иара убас иҟоуп арзаҳалқәа ацех маҷқәа, ашәыр рҩаны аҟаҵаразы, арахәи аԥсаатәи ааӡаразы апроектқәа. Ҟәрышьла иуԥхьаӡозар 40 миллоин мааҭ рҟынӡа иартәоит ҳраион мацара", - еиҭеиҳәеит Какәыбаа.
Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы иҳәеит, апрограмма азҿлымҳара бзиа шамоу.
"Ашықәс актәи амш аусура ҳанҭыҵыз иааргаз апроеткқәа роуп зегьы. Ауаа агәра ргоит ацхыраара шыҟарҵо. Ауаҩы инапҟны идыркӡом аԥара, иара ииаҭаху изаархәоит. Имаҷымкәа иҳадҵаалоит апроектқәа аҩышьа аилкааразы", - иҳәеит Какәыбаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.