Аԥсны

Краснодар инхо Аԥсныҟа анаркотикқәа ахьалеигалоз азы даанкылоуп

Ахаҵа аԥсуа-аурыс ҳәааҿы дааныркылеит ареспублика даналала ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Краснодар инхо Артур Минасиан харас идырҵоит закәаншьаҭада анаркотик рацәа Аԥсныҟа иахьааигаз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Минасиан идбалан анаркотик хьанҭа "мефедрон".

Иара ихарарҵоит закәаншьаҭада анаркотикқәа раахәара, рымазаара, рымҩангара, иара убасгьы закәаншьаҭада Аԥсны аҵакырахь рыиагара.

Ашьаус хацыркуп. Минасиан ҩымз ҳәа даанкылоуп.