АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Ҩ-томкны, англыз бызшәала иҟоу "Кавказ аҭҵаара" Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаиҭеит британиатәи алингвист, кавказҭҵааҩ Џьорџь Хиуитт. Абри атәы асоциалтә ҳақәа рыла иаанацҳауеит Амилаҭтә библиотека.
Хиуитт иҩуеит ари аусумҭа аӡбахә шиаҳаз Аахыҵ Кавказ ҭызҵаауаз британиатәи адипломат, аҭоурыхҭҵааҩ Уилиамм Аллен истатиаҟынтә. Уилиамм Аллен "Кавказ аҭҵаара" Шәантәыла, Местиатәи амузеи ҳамҭас иеиҭеит.
"Усҟан исыӡбеит ари аусумҭа ахкьыԥхьаа аахәараз схатә ԥарақәа шысыԥшаауазы. Заахәара сылшартә иҟаз ахкьыԥхьаақәа ахьырҭиуа акыршықәса сашьҭан, иагьысыԥшааит", - ҳәа иҩуеит Хиуитт.
Апрофессор иԥшәмаԥҳәыс Заиреи иареи ирыӡбеит аҽа екземплиаркгьы аахәаны Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иарҭарц. Хиуитт иазгәеиҭоит аҩбатәи атом аҿы ишыҟоу ахы – "Аԥсны азаҵәра". Уа ишеиҭаҳәоу зуааԥсыра реиҳараҩык Ҭырқәтәылаҟа амҳаџьырра иагаз атәыла аӡбахә.