АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа алашара арцәара иазхиоуп ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аимнистрра апресс-маҵзура.
Аамҭеихша ҿыц аналаргала ашьҭахь аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәшәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа драцәажәеит. Аминистр адырра ирҭеит ахәшәтәырҭақәа зегьы алашара андырцәалак адизельтә генераторқәа рыла ишеиқәшәоу атәы.
"Амедицинатә маругақәа зегьы абжьааԥаны еиԥш аус руеит. Амедусҳәарҭақәа атәылауаа иахәҭоу ацхыраара рырҭоит алашара аныҟамгьы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аминистр анапынҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭазарц, есыҽны ахәшәтәырҭақәеи агоспитальқәеи русуразы адырра ирҭаларц.