Аԥсны

Аԥсны аиустициа аминистрра иакьыԥхьит хәышықәсатәи адемографиатә статистика

Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла атәылаҿ ахшараиура лаҟәит, убри аан апандемиаамҭаз аԥсҭбарақәа акыр ирацәахеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны аиустициа аминистрра иакьыԥхьит хәышықәсатәи адемографиатә статистика.
Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла 2018 шықәса раахыс атәылаҿ ахшараиура лаҟәуа иалагеит. 2018 шықәсазы 1614-ык ахәыҷқәа изар, 2022 шықәсазы –1142-ҩык ахәыҷқәа иит.
Аԥсны аиреи аԥсреи рхыԥхьаӡара
Убри аан аԥсҭбарақәа, аиҳарак апандемиаамҭа 2021 шықәсазы акыр еиҳахеит. Рыԥсҭазаара иалҵит 2228-ҩык ауааԥсыра.
Хәышықәса рыҩнуҵҟа аҭаацәара иалалаз рхыԥхьаӡарагьы маҷхеит. 2018 шықәсазы 917 ҭаацәара ҿыц ашәҟәы иҭагалазар, 2022 шықәсазы – 598-ҭаацәара роуп ашәҟәы иҭаргалаз. Убри аан еилыҵыз рхыԥхьаӡарагьы маҷхеит.