Аԥсны

Захарова Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҿҳәара ахыгара ахҳәаа алҭеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу реиԥылара мшаԥымзахь аиагара аҭакс жәабранмзазы иазгәаҭаз ацхантәаҩцәа реиԥылара аԥыхраз аӡбра аднакылеит Москва.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд амҩаԥымгара ахыгара ахҳәаа аҭо иазгәалҭеит ари Мраҭашәара адеструктивтә политика акәны ишыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа апресс-маҵзура.
"Заанаҵтәи еилацәажәарада, хаԥышәала ацхантәаҩцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа Мраҭашәара адеструктивтә политика акәны ҳахәаԥшуеит. Ацхантәаҩцәа (ЕАА, ОБСЕ, ЕЕ - аред) рыстатус рхы иадырхәоит рхатә хықәкқәа рынагӡаразы, Аахыҵ Кавказ аҭагылазаашьа ашәарҭадара хырыҩ амҭакәа", - ҳәа лҳәоит Захарова.
Лара иара убасгьы иазгәалҭоит Урыстәыла ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа реиҳараҩык ринтересқәа ишырҿагыло. Илҳәеит жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз аиԥылара мшаԥы 4-5 ахь ишиаргаз "алахәылацәа зегьы еицырзыманшәаламызт" ҳәа ахҳәааны.
"Жәабрантәи аиԥылара арыцхә 2021 шықәса ԥхынҷкәын азы ирыларҳәахьан. Убри аан амзызқәа хыҭҳәаауп", - ҳәа лҳәеит Захарова.
Иара убасгьы иазгәалҭеит, жәабран 3 рзы Москва имҩаԥысраны иҟаз ацхантәаҩцәа реиԥылара урыстәылатәи аган ҵак амамкәаны ишаԥхьаӡоу.
Аԥсны
Аԥсны ААР Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа атәыла алалара азин рырымҭеит
Уаанӡа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа изаамҭанытәиу, жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд аҿҳәара иахьнахаз аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа ахиҳәааит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа атәыла алалара азин рырымҭеит. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа жәабран 8-9 рзы Аԥсны аофициалтә хаҿқәа ирԥылараны иҟан.