Аԥсны

Аҟәа инхо хаҵак аԥсихотроптә маҭәашьарқәа идырбалеит

Азинеилагаҩ шықәсык инаркны хышықәсанӡа ихақәиҭра далхәдатәхар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭаратә ҭыԥ "Приморское" аҟны иааныркылаз Аҟәа инхо Роланд Бессонов идырбалеит аԥсихотроптә маҭәашьарқәа прегабалин. Абри атәы аанацҳауеит аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Бессонов идбалоуп х-грамк ззин ыҟам амаҭәашьар.
Уи азын Гәдоуҭа араион ААР ашьаус хацнаркит.