Аԥсны

Аԥсны араионқәа рхадацәеи Ҭаҭарсҭан амуниципалтә мчрақәеи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵариҩит

Анапы зҵеиҩу аиқәшаҳаҭрақәа алшара ҟарҵоит еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла аусеицура, аҭыԥантәи ахаланапхаграҭарақәа ринтересқәа ирыҵаркуа ажәалагалақәа рыҟаҵара.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, акультуратә уҳәа ауснагӡатәқәа рҿы аусеицураз аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵариҩит Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рхадацәеи Ҭаҭарсҭан амуниципалитетқәа рхадацәеи.
Адокументқәа рнапы рыҵарҩит:
Аҟәа араион ахада Алхас Чытанааи Ҭаҭарсҭан, Высокогорсктәи араион ахада Равиль Хисамутдинови,
Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәбеи Тетиуштәи араион ахада Рамис Сафиуллови,
Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуеи Заинсктәи араион ахада Пиотр Уразаикини.