Аԥсны

"Аӡыршьҭра" аҟны еиҭарҳәеит алашара арцәара аӡы аушьҭраҿ ишырныруа

Жәабран 1 инаркны Аԥсны иалагалоу аамҭа-аамҭала алашара арцәара иахҟьаны ахархәаҩцәа 3-7 сааҭ лашарада иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. "Аӡыршьҭра" аӡҭгагатә станциақәа алашара арцәара аихшанҵа инақәыршәаны иаанаҳкылоит, Гәымсҭа иҟоу аӡеизакырҭақәа аҭәра иахьӡаӡом ҳәа еиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
"Аҩнеихагылақәа рҿы аӡы халаларц азы аӡҭгагақәа х-сааҭк еиҵамкәа аус руроуп. Уи адагьы афымцамчхара анормақәа анынамӡо ыҟоуп. 10 киловольт ахьаҭаху 8,8 ма 9 киловольт аныҟоу ыҟоуп, ари Гәымсҭа игылоу аӡҭгага ҿыцқәа рзы иазхаӡом", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Иара убасгьы иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" алархәны аиҿцәажәарақәа шцо "Аӡыршьҭра" лашарала еиԥымҟьартә аҟаҵаразы.
Арадио
Анқәаб еиҭеиҳәеит алашара шроузашәа аӡы шзырҿамкуа