Аԥсны

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд апроектқәа ирылацәажәеит

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд аус рыднаулоит аԥсуа бызшәеи акультуреи рыҿиаразы апроектқәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд апресс-конференциаҟны аусура иалацәажәеит.

Афонд ахада Леуан Миқаа ишиҳәаз ала, абызшәа ахьчара зегьы еицырзеиԥшу усуп, афонд адгылара аҭахуп.

Имҩаԥгоу апроектқәа иреиуоуп 3-7 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика. Аметодика агәаҭара иахыжьын Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа рҿы. Алҵшәақәа аанарԥшит, Аҵара аминистрра ибзиоуп ҳәа ахнаҳәааит.
"Уажәшьҭа ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа ирылагалатәуп. Ҳара хәыда-ԥсада арҵагашәҟәқәеи аметодика иаҵанакуа аматериалқәеи рыдаагалеит. Егьырҭ апроектқәа иреиуоуп аԥсуа бызшәахь акиноқәа реиҭагара. Аилахәыра "Системеи" ҳареи аилаӡара ҳамоуп, афильмқәа атесттә режим ала абжьы рхарҵоит", - ҳәа иҳәеит Афонд аусзуҩ Леуан Лагәлаа.
1 / 2

Б. Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд апроектқәа ирылацәажәеит

2 / 2

Б. Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд апроектқәа ирылацәажәеит

Афонд аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп иԥсабаратәым аинтиллект аԥсуа бызшәа арҵара. Иахьазы 1000 ажәа асистема иалагалоуп, иазԥхьагәаҭоуп миллион-ҳәоу реиҭагара.
"Ари ԥхьаҟа иармариоит аԥсуа-аурыс, аурыс-аԥсуа еиҭагара. Апроект аҩбатәи ахәҭа аҟны иарбоу аҳәоуқәа абжьы рхаҵахоит. Онлаин аиҭагара ауа иҟалоит" - иҳәеит Лагәлаа.
Лагәлаа ҳәеит Афонди аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рышкол "Capital School Center" аусеицураз аиқәшаҳаҭра шрыбжьоу.
"Ари ашкол шьаҭаиркит ҳџьынџьуаҩ Роланд Агрба. Ахәыҷқәа ателефонқәеи апланшетқәеи рҿы изхәаԥшыр рылшо авидео-урокқәа рыцҵақәа раԥҵара ҳгәы иҭоуп. 10 минуҭк рыла адҵақәа урхысуа абызшәа уҵоит. Ари аметодика ацҵа ианраалахоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Леуан Лагәлаа иара убасгьы иҳәеит аԥхьаҟа ишазгәаҭоу аудиошәҟәқәеи аԥсуа шәҟәқәеи рзы ацҵа азырхиара.
"Ацҵа еиҿкаахоит аԥхьараз имариоу ашәҟәқәа, аудиошәҟәқәа рыла. Урҭ ианаауҭаху рзыӡырҩра ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит аҟазауаҩ.
Афонд иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит адуцәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика аԥҵара.
"Иахьазы адуцәа рзы методикак аԥҵам. Иҟоуп аӡәык-ҩыџьак аҟазауаа русумҭақәа, аха уи азхом. Иаҭахуп аус еицызуша агәыԥ, атәымбызшәақәа рҵара аԥышәа. Иара убасгьы ҳаҿуп аԥсшәахьынтә аурысшәахь синхронла аиҭагага архиара", - ҳәа иҳәеит Лагәлаа.
Апресс-конференциа иалахәын Афонд аусуҩцәа: Дмитри Габалиа, Альбина Анқәабԥҳа, Нарҭ Тлыш.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа абызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы лыгәҭакқәа ртәы