Аԥсны

Бжьаниа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵеит

1942 шықәса ԥхынгәы 17 рзы излагаз 1943 шықәса жәабран 2 рзы ихыркәшахаз Сталинградтәи аибашьра иалахәын ҩ-миллионҩык инареиҳаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Сталинградтәи аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра амш азы Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ауснмҩаԥгатә иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Акультура аминистр Даур Ақаҩба, Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, аҵара аминистр Инал Габлиа.
1942 шықәса ԥхынгәы 17 рзы излагаз, 1943 шықәса жәабран 2 рзы ихыркәшахаз Сталинградтәи аибашьра иалахәын ҩ-миллионҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
Сталинградтәи аибашьра Асовет ар риааира ааигәазтәоз хҭысхеит.