Аԥсны

Инал Арӡынба Мраҭашәара атәылақәа Аԥсны аганахь ала рполитика ахҳәаа аиҭеит

Ареспублика аганахь ала иҩбоу астандартқәа шыҟоу убоит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ганкахьала рызнеишьаҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны Мраҭашәара аганахь ала иҩбоу астандартқәа рыла азнеишьа арҭоит ҳәа иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Иҩбоу астандартқәа рполитика Аԥсны аҵакыраҿгьы иубартә иҟоуп – Жәларбжьаратәи Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи адеизолиациатә политика ада хәарҭа ыҟам анырҳәо. Убри аан дара ҳара ҳҭахкааны ҳазмоу рҟынтәи аԥара дырҳауеит", - ҳәа иҳәеит иара Sputnik аинтервиу аҭо.
Аминистр иазгәеиҭеит Аԥсны ҳаҭыр еиқәҵарыла аиҿцәажәараз ишаарту, аха асеиԥш ахымҩаԥгашьа шаднамкыло.
Арӡынба иҳәеит ари аполитика Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы ишырныԥшуа. Аминистр иазгәеиҭеит ацхантәаҩцәа Аԥсныҟа раара мап ацәкра зыхҟьаз арҭ аиҿцәажәарақәа ррыцхә еиқәшаҳаҭрада аиҭакреи егьырҭ акәамаҵамақәеи шракәу.
"Ҳаҳаҭыр рбозар, ҳгәаанагара еилыркаар рҭахызар, урыстәылатәии аахыҵ уаԥстәылатәи ҳашьцәа ргәаанагара иазыӡырҩуазар – аиҿцәажәара ҳәарада иарбан ҩаӡаразаалакгьы иамоу еснагь ҳазыхиоуп. "Женеватәи амонолог" алахәхара ҳақәшаҳаҭым" - иҳәеит Арӡынба, иагьазгәеиҭеит евробиурократцәа Вашингтонаа ирарҳәо шыҟарҵо.
Аԥсны
Захарова Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҿҳәара ахыгара ахҳәаа алҭеит