АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Мраҭашәара атәылақәа зеиԥш ҟамлацыз, Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа Қырҭтәылагь аларгаларц ақәымчра аныҟарҵоз атәыла аиҳабыра уи иадымгылеит, избанзар рмилаҭтә интересқәа рыхьчон, еилыркаауеит Мраҭашәара Қырҭтәыла Урыстәыла азы "ирбыжкыгахар" шаҭахыз ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Қырҭтәыла ахада инаиваргыланы аиҳабырагь ыҟоуп. Ирзыҟарҵо ақәыӷәӷәара ду аҭакс иаартны ирҳәоит "Ҳара ҳмилаҭтә интересқәа роуп ихадараны иаҳзыҟоу. Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара ахәаахәҭра, атуризм, афымцамҩангагақәа ыҟоуп" - ҳәа иҳәеит Лавров ателеканал "Россия 24", амаҵзура РИА Новости аинтервиу рыҭо.
Иара иазгәеиҭеит ари азнеишьа "ақырҭуа ҳәынҭқарреи ақырҭуа жәлари" ринтересқәа ишрықәшәо.
"Қырҭтәыла Урыстәыла зырбыжкуа ҳәынҭқарраны, Саакашьвили иаамҭақәа рырхынҳәра шырҭаху гәыҩбарагьы сзаҵам", - ҳәа иҳәеит Лавров.