Кавказҭҵааҩ Џьорџь Хиуитт ҩ-томкны иҟоу "Кавказ аҭҵаара" Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаиҭеит. Аҵарауаҩ ари аҭыжьымҭа аӡбахә шиаҳази, анаҩс абиблиотека ҳамҭас аҭара шыҟалази ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.
Амилаҭтә библиотека аиҳабы иазгәеиҭеит аҩ-томкк афотосахьақәа рыла ишбеиоу, ишагәылоу ахсаалақәа, иџьасшьоит ас еиқәырхыны иахьыҟоу ҳәа иҳәеит Ҷолариа.
Борис Ҷолариа иажәақәа рыла ашәҟәы ацифровка ҟаҵахоит, анапырацәа ашәҟәы ашҟа имнеиуа еиқәҳархарц ҳҭахуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.