Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба кажьуп

Иара убасгьы иаанкылоуп ЕАА иҭрыжьыз аицҭырҟьаратә система HIMARS ахгәыцәқәа хԥа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ЛЖәР, ДЖәР, Запарожие икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ЛЖәР аиланхарҭақәа Золотариовка, Кременнаиа, Нововодианое, Червонопоповка рҿы, ДЖәР аиланхарҭақәа Сторожевое, Петровское рҿы, Запарожиатәи аобласт аиланхарҭа Чапаевка аҿы икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракеттә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ 88 артиллериатә ҟәша, 131 раион рҿы – аруааи атехникеи, ааха аҭоуп Суматәи аобласт аҿы артиллериатә џьаԥҳаны ахьыҭрыжьуа ацех.
Аусбарҭа аҟны ишаарыцҳауа ала.Купиансктәи ахырхарҭаҿ ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 14-тәии 92-тәии абригадақәа рыруааи ртехникеи, иҭархоуп 30-ҩык аибашьцәа, апикапқәа ҩба, агаубица Д-20.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ 80-тәии 95-тәии адесант-жәыларатә бригадақәа ааха рыҭан. Иҭахеит 95-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомобиль.
Донецктәи ахырхарҭаҿы аӷа ааха иҭоуп ДЖәР аиланхарҭақәа Тоненькое, Нелеповка, Северное рҿы. Иҭархоуп 55-тәи артиллериатә бригада ақџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, 100 аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубица "Мста-Б", РСЗО "Ураган"амашьына, артиллериатә шьақәгыла "Caesar" (Франциа).
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Благодатное ахы иақәиҭыртәит
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 72-тәи абригада; амшыншьаҟауаа 35-тәи рыбригада, аҵакырадгьылтә хьчара абригадақәа 108, 124. Иҭархоуп 60 украинатә еибашьҩы, танкк, аршьаҟауаа рмашьына, ҩ-кәылӡмашьына, агаубица "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-30, агаубица Д-20, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-37.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп аматортә шхәақәа ҩба, жәаҩык адесант, агаубица "Гвоздика", аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.