Аԥсны

Акцизтә маркақәа зықәгыламыз 37 нызқь рҟынӡа асигареҭ Гал араион аҿы иаадырԥшит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә маҵзура аусзуҩцәа акцизтә маркақәа зықәгыламыз 36 900 сигареҭ Гал араион Хьацҳа ақыҭаҿтәи ҩнык аҟны иаадырԥшит.
Административтә зинеилагаразы адокументқәа Аилак аҳазатә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Уаанӡа Краснодар Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан ажьырныҳәа 1 - 26 рыҩнуҵҟа аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы 36 контрабандаҽазышәара аԥырҟәҟәаан ҳәа.
Арҭ ахҭысқәа зегьы рзы ихацыркуп 72 ус. Ирылгоуп 600 ҭоԥ (120 000 сигареҭ).