Аԥсны

Аԥсни Никарагуеи Рмилаҭтә библиотекақәа аусеицураз амеморандум рнапы аҵарҩит

Амеморандум анапаҵаҩра Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аусбарҭабжьаратә еизыҟазаашьа аҿиара анаҭоит ҳәа иазырыԥхьаӡоит Аԥсны ААР аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи Рмилаҭтә библиотекақәа аусеицураз амеморандум рнапы аҵарҩит.
Анапаҵаҩра ацеремониа онлаин-формат ала имҩаԥысит.
Аԥсны аганахьала ауснагӡатә иалахәын Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа аганахьала – акультура аминистр Луис Моралес Алонсо, Амилаҭтә библиотека адиректор Нора Савала Осорио.
Амеморандум анапаҵаҩра алыршахеит Аԥсны акультура аминистрра, Никарагуа акультура аминистрра, Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа рыдгыларала.