Аԥсны

"Аԥсны апрокуратуразы" азакәан апроект ҿыц нашьҭуп Апарламент ахь

Азакәан апроект аздырхиеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа ихантәаҩрала еиҿкаау аусутә гәыԥ.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Апрокуратура хадаҟынтәи "Аԥсны апрокуратуразы" азакәан апроект ҿыц нашьҭуп Апарламент ахь.
Адокумент аус адулоуп Аԥсны Аконституциа ақәныҟәаразы ахылаԥшратә механизм аиӷьтәрази азакәан иреиҳау амчра аиураз азакәанқәа рықәныҟәарази, азакәан акзаареи арӷәӷәареи рзи, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчарази иара убасгьы аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа рыхьчарази.