Аԥсны

Атәылахьчара аминистрра иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрра иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит арратә ҽазыҟаҵарҭа Нагвалоу аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аррамаҵзурауаа артиллериатәии, атанктәии, амотохысратәии ҟәшақәа реицхысра аишьаршәалараз аметод ҿыцқәа аус рыдырулалоит. Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа дашьклаԥшуан акомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа.