Аԥсны

Азербаиџьан атәылауаҩ Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит

Анаркотикқәа раларҵәаҩ ԥсраҽнынӡа бахҭала ахгара иқәҵахар алшоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Азербаиџьан атәылауаҩ Џьеихун Гусеинов Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Иаанкылараан иара идбалан 15 еилаҳәара аметадон.

Аусҭҵаара адыррала, Гусеинови "Саша" ҳәа изышьҭоу идырым ауаҩи еицәажәаны анаркотикқәа ааихәеит Аԥсны аларҵәаразы .

Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы амаӡаҵәахырҭақәа ҩба аарԥшын. Иаанкылоу анаркотикқәа раларҵәаҩ иааидкыланы 14 грамм аметадон имхуп.
Иара харас идырҵоит закәаншьаҭада анаркотикқәа раахәара, аҭиразы рымҩангара.
Гусеинов дырбаандаҩуп, ԥсраҽнынӡа бахҭала ахгара иқәҵахар алшоит.