Арадио

Чачхалиа ачаӡырҭа аусура алашара андырцәо аамҭазы: ҳҭагылазаашьа цәгьоуп

Дранда аҳабла иҟоу ачаӡырҭа "Ачабаба" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кьасоу Чачхалиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара русура ишаныԥшуа атәы, ачаӡраҿы ирызцәырҵыз ауадаҩрақәа ишыриааиуа.
Sputnik
Ҳҭагылазаашьа даара ицәгьоуп сҳәар, акгьы сымҳәаӡеит ауп иаанаго, абас ицалар, аусура ҳалшаӡом ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Чачхалиа.
"Ачаӡра цәгьахоит ас еиԥш аграфик ҟалар. Ихәыҷу ачаӡырҭақәа русура зынӡа иааныркылар акәхоит. Ҳара ҳтәы акәзар, иҳамоуп адизельқәа, иҭауҭәо абылтәоуп уззымиааиуа. Аекономка аганахьала иугар, иаԥсаӡам дизельла ачаӡра. Сааҭк 40 литра абылуеит. Ҳгәаҟуеит, амца ҳацроуп. Ҳара аруаа акрырҿаҳҵоит, иҟоуп акрыфарҭақәа ача рызнаҳгар ахьахәҭоу, инаҳамгар, ҳара ҳауп изхароу", – иҳәеит Чачхалиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.