Аԥсны аиҳабыра ԥхынҷкәын 27 рзы аиҭакрақәа аларгалеит афымцалашара ахә ахшәааразы ақәҵара. Уи инақәыршәаны фазак зхы иазырхәо хаҭалатәи ахаҿқәа ажьырныҳәа 1 инаркны мааҭк ршәоит 1 киловатт сааҭк азы, х-фазак зхы иазырхәо иршәоит мааҭки 30 копеи. Убри аан ари анорма аԥхьаӡагақәа ззықәгылоу аҵанакӡом. Хаҭалатәи ахаҿқәа 20 киловатт сааҭ инацны рхы иадырхәозар, афымцалашара ахә ршәоит акриптовалиута зырҳауа ахархәаҩцәа ирзыԥҵәоу ахәԥсала.
"Ашықәс анынҵәоз Аминистрцәа реилазаара иҟарҵаз арҽеирақәа зегь раԥхьа иргыланы ишьақәыргыланы иҟаз асоциалтә норма аус шамуа еилкааны ирыӡбеит ҩ-категориак аҟаҵара. Уи фазаки х-фазаки змоу ҳәа еиҩыршеит абонентцәа. Уи сгәанала ииашаны иҟаҵоуп, избанзар ахылаԥшра азура иаҳа имариоуп. Асоциалтә норма аԥхьаҟа ауаа аԥхьаӡагақәа анроулак иҟауҵар улшоит, избанзар инырхыз акиловаттқәа рзы ииашоу адыррақәа умазаауеит. Иахьа аԥхьаӡагақәа анрымам, уи аилкаара уадаҩуп. Афазақәа рганахьала аӡбамҭа иашоуп. Егьырахь Апарламент аҟны ахәқәа рышьҭыхра ишаҿагыло рҳәахьан, аха анаҩс мап ацәыркит. Хымԥада, афымца ахә ашьҭыхра раԥхьатәи ашьаҿа аҭахын. Ашықәс анынҵәоз аморатори садгылон, избанзар ахә анышьҭухуа, зхы иазырхәои изҭиуеи рыбжьара абаланс ыҟазароуп. Иахьа ауаа ргәы иаанагар ҟалоит 40 копеи аныршәоз, афымца иаҳа еиӷьны ироуан ҳәа. Аҳәынҭқарраҟны ус ихәыцуазароуп "ахә анышьҭысх, ауаҩы акы иҭатәуп" ҳәа. Иҟарҵо зхыҟарҵо ауаа идырбаны, идеилыркааны ахә шьҭырхыр - уи даҽакын, аха Аҽгәарагьы афымцацәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ауадаҩрақәа амоуп, убри аҟынтәи, сгәаанагарала, хәыҷык иааԥшызҭгьы, ахәқәа ҩаԥхьа рышьҭыхра иаҳа еиӷьын", - иҳәеит Лазба.
Иара дырзааҭгылеит афымцалашара ахә ашьҭыхра ицәырнаго егьырҭ ауадаҩрақәа ртәгьы, игәаанагара иҳәеит аҳәынҭқарра амаҵ азызуа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа альготақәа анрымоу аамҭазы ахшара рацәеи, ахымхәацәа ахьыҟоуи аҭаацәарақәа ус еиԥш аҭагылазаашьақәа анырзаԥҵам азы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.