Аԥсны

Минниханов: Аԥсни Ҭаҭарсҭани реизыҟазаашьа аҭоурых ду амоуп

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа ажьырныҳәа 31 раахыс усутә ныҟәарыла Ҭаҭарсҭан иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсни Ҭаҭарсҭани реизыҟазаашьа аҭоурых ду амоуп иҳәеит аԥсуа делегациа данырԥылоз Ҭаҭарсҭан анапхгаҩы Рустам Минниханов. Абри атәы аанацҳауеит азауад "КАМАЗ" асаит.
Иара иҳәеит Ҭаҭарсҭан шазыхиоу Аԥсныҟа анашьҭра:
КАМАЗ аидаратә техника,
амашьынаргыларатә аалыҵ,
ахимиеи анефҭхимиеи раалыҵ,
амедицинатәии афармацевтикатәи тауарқәа.
Уи адагьы ареспублика аҵакыраҿиара, ақалақьтә инфраструктура аԥҵара аусхк аҟны аԥышәа реимдара иазыхиоуп иҳәеит Ҭаҭарсҭан анапхгаҩы Рустам Минниханов. Жәабран 3 рзы аԥсуа делегациа азауад "КАМАЗ" иаҭаараны иҟоуп.
Аԥсны
Аԥснытәи аделегациа Казан атехнополис "Химград" иаҭааит