Аԥсны

Москва Аԥсны ААР Амедиацентр аартра ргәы иҭоуп

Жәабран 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлективи ронлаин-еилацәажәара. Уи далахәын ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Москва Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аартра ргәы иҭоуп Россотрудничествеи ЖәАМ "Россия сегодня" алахәны. Абри азҵаара шьҭыхын онлаин-еилацәажәараҿы.
Уи адагьы иалацәажәан Москвеи Москватәи аобласти рыҟны Ацҳаражәҳәарҭа ахыбра ҿыци Симон Канантәи иныхабааши рыргылараз адгьылҭыԥқәа ралхра азҵаара.
Иара убас, аилацәажәараҿы иазааҭгылан Ацҳаражәҳәарҭа аматериал-техникатә еиҿкаара аус.
Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа зегьы рзы иазырхиоуп амаҵзуратә абжьгарақәа. Дара-дара рыбжьара Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцә цҳаражәҳәарҭақәа аус рыцуразы анапынҵақәа еихшоуп.