Урыстәыла арегион ҿыцқәа Аладатәи арратә округ аҭакԥхықәра иаҵанаклоит

ДЖәР, ЛЖәР, Запорожиеи Херсони робластқәа Урыстәыла иалалеит 2022 шықәса жьҭаарамзатәи ареферендумқәа рышьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Донецки Лугански Ареспубликақәа иара убасгьы Запорожиеи Херсони робластқәа Аладатәи арратә округ аҭакԥхықәра иаҵанаклоит.
Ари ас шакәу шьақәнарӷәӷәоит арратә округқәа рыхсаала ҿыц ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
ДЖәР, ЛЖәР, Запорожиеи Херсони робластқәа Урыстәыла иалалеит 2022 шықәса жьҭаарамзатәи ареферендумқәа рышьҭахь. Ԥхынҷкәынмзазы ишьақәырӷәӷәахеит ДЖәРи ЛЖәРи актәии аҩбатәии рырратә корпусқәа Урыстәыла Арбџьармчқәа ишрыҵанакыз.